Версия для печати

АХАДА АԥСНЫ АШКОЛҚӘА РАУШЬҬЫМҬАЦӘА ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ

Новости Пятница, 25 июня 2021 12:53
Оцените материал
(0 голосов)
Сухум. 25 июня 2021. Абхазия-Информ. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.
“Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацəа!
Иахьа Аԥсны ашколқәа рыҟны игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аԥсҭазаара ҿыц, аԥсҭазаара ду иалагамҭаны.
Шəаҧхьаҟа ишьҭоуп шəҵара-дырра аизырҳара, еиуеиҧшым азанааҭқəа рыла шәышьақəгылара иазку, акыр аҭакҧхықəра зцу аусқəа.
Аҵыхəтəантəи аҵəҵəабжьы, хашҭра зқəым насыҧла иҭәу шəышколтə ҧсҭазаара иасимволны шəгəалашəара лашаҿы инхааит!
Ҳара ҳҳәынҭқарра аргылараҟны иаҭахуп иахьатәи аамҭа иақәшәо адырра ҿыцқәа, азыҟаҵара бзиа змоу, аспециалистцәа.
Сара агәра згоит зқьыла аԥсҭазаарақәа зыхҭынҵоу шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа ишәыду аҭакԥхықәра бзиаӡаны ишеилышәкаауа, уаҵәы уи аԥеиԥш знапы иану, иаԥсоу абиԥараны шәышнаҵагыло!
Шьапымшла еихыжәгааит аԥсҭазаара ҿыц ахь шәшьаҿа!
Инаӡахааит шәыгәҭакқәа!
Ииашоуп, адунеи зымҽхазкыз ачымазара бааҧсы шəҵарашықəс аамҭа ианымҧшырц залымшеит, аха агəра ганы сыҟоуп уи хазырҭəаауа ахҭыс бзиақəа шəаҧхьаҟа ишышəзыҧшу.
Аҧышəара аамҭа шəаҧхьа ишьҭоуп.
Гəыла-ҧсыла ишəзеиҕьасшьоит агəабзиара, шəхықəкқəа рынагӡараҟны аихьӡарақəа!
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада
Аслан Бжьаниа

Прочитано 832 раз Последнее изменение Пятница, 25 июня 2021 13:07