ТОЧКА ЗРЕНИЯ

октября 23 2026

ТАКСИ В АБХАЗИИ: НОВЫЙ ЭТАП ДЛЯ ПРОФЕССИИ, КОТОРОЙ МОЖНО ГОРДИТЬСЯ

В преддверии ожидаемого постановления Кабинета министров об условиях работы в такси для граждан Республики Абхазия…

В мире

июня 25 2026

В ВЕНЕСУЭЛЕ – СИЛЬНЕЙШИЕ ЗЕМЛЕТРЯСЕНИЯ ЗА ПОСЛЕДНИЕ 100 ЛЕТ

Сухум. 25 июня 2026 г. Абхазия-Информ. В Венесуэле вечером 24 июня произошли два сильных землетрясения…

Документы

февраля 07 2024

ПРОЕКТ ЗАКОНА РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ «О НЕКОММЕРЧЕСКИХ ОРГАНИЗАЦИЯХ И ФИЗИЧЕСКИХ ЛИЦАХ, ВЫПОЛНЯЮЩИХ ФУНКЦИИ ИНОСТРАННОГО АГЕНТА»

ПРОЕКТ ЗАКОНА РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ «О некоммерческих организациях и физических лицах, выполняющих функции иностранного агента» Статья…

Календарь событий

« Ноябрь 2026 »
Пн Вт Ср Чт Пт Сб Вс
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30            

Мы в Фейсбуке

БАДРА ГӘЫНБА АԥСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ТЕЛЕРАДИОЕИЛАХӘЫРА АԥҴАРА АМШ АЗЫ АНАПХГАРЕИ АУСЗУҨЦӘЕИ ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ

Новости Пятница, 06 ноября 2026 12:47
Оцените материал
(0 голосов)

Сухум. 6 ноября 2026 г. Абхазия-Информ. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аԥсны аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш азы анапхгареи аусзуҩцәеи дрыдныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра анапхгареи аусзуҩцәеи!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аԥҵоижьҭеи 48 шықәса аҵра амш!

1978 шықәса абҵарамза 6 рзы аԥсышәала раԥхьатәи аефир ахь ацәырҵра аҭоурыхтә ҵакы змоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны акрызҵазкуа хҭысны, ҳажәлар рзинқәеи рмилаҭ хаҿра аиқәырхареи рзы ақәԥараҿы еихьӡара дуӡӡаны иҟалеит.

Аԥснытәи ателехәаԥшра жәашықәсала еиҳа иуадаҩу аҭоурыхтә аамҭақәа раан хьыӡла-ԥшала инанагӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа амиссиа. Амилаҭтә телехәаԥшра ԥсахрада абри аамҭа зегьы аҩныҵҟа иалшеит ҳажәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи ринтересқәа зыхьчо, ҳтәыла аԥсҭазаара саркьаҵас изныԥшуа, ҳмилаҭтә хаҿра, ҳбызшәа, ҳҭоурых-культуратә ҭынха, ҳатрадициақәа реиқәырхаразы ихадоу мыруганы аҟалара.

Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит ззанааҭдырра ҳараку, зус гәык-ԥсыкала иазыҟоу аԥсуа журналистика аветеранцәа. Угәы иахәартә иҟоуп аилахәыра арҿиаратәи, анџьныртәи, атехникатәи усзуҩцәа иахьатәи рабиԥара иреиӷьу атрадициақәа реихаҳара, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа қәҿиарала рнапаҿы раагара ахьрылшо, ихадоу ахырхарҭақәа – аиашара аарԥшра, апатриотизм, адырраҭарақәа рхаҭабзиара ҳаракы еиқәырханы иахьаарго.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив зегьы ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәацԥыҳәара, азанааҭтә еихьӡара ҿыцқәа, анасыԥ!

Агәра згоит шәусура аринахысгьы ҳҳәынҭқарра арӷәӷәара, ауаажәларра ракзаара, Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара амаҵ аура ишазкхо!»

Прочитано 79 раз Последнее изменение Пятница, 06 ноября 2026 13:03

Наши контакты

   Тел. : +7 (840) 229-41-79  Email: abkhinfo@gmail.com

Абхазия-Информ © 2015 | Все права защищены

При полной или частичной перепечатке материалов гиперссылка на www.abkhazinform.com обязательна.